ВОЗ аҿы еиҭарҳәеит акоронавирустә пандемиа нҵәар аналшо

ВОЗ адыррақәа рыла адунеи аҿы коронавирус зыдбало рхыԥхьаӡара 250 миллионҩык ыҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 10 – Sputnik. Агәабзиарахьчараз адунеизегьтә еиҿкаара (ВОЗ) европатәи аҟәша аиҳабы Ханс Клиуге аҳәамҭа ҟаиҵеит коронавирустә пандемиа нҵәар алшоит адунеи аҿкыра "ацынхара" анаҵалак ҳәа.
Иара иажәақәа рыла, апандемиа ендемиахоит агәабзиарахьчара асистема аидара иаҵыҵыр, COVID-19 аҟынтә аԥсыҭбарақәа еиҵахар, егьырҭ ачымазарақәа ишахәҭоу еиԥш рыхәшәтәра алыршахар.
Ишәарҭоу COVID-19 аштамм цәырҵыр ҟалоит ҳәа агәҽанҵара ҟаиҵеит ВОЗ ахада
Клиуге иазгәеиҭеит апандемиа ахыркәшара ишаԥырхаго ишьақәхаз алаҵаҟаҵара, иԥсыҽхаз апрофилактикатә уснагӡатәқәа.
"Агәаанагара сымоуп иҟаз рхашҭуашәа. Шықәсык аԥхьа адунеитә економика зегь аангылеит", - ҳәа иҳәеит иара.
ВОЗ адыррақәа рыла, иахьазы аҭагылазаашьа еиҳа иуадаҩуп ЕАА, Индиа, Бразилиа, Великобританиа, Урыстәыла.