Apple аԥара-хсаалага "Мир" адкылара иалагеит

Аԥхынразы урыстәылатәи абанк дуқәа ааба аԥара-хсаалага "Мир" Apple Pay иаҿаркит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 11 - Sputnik. Apple ахархәаҩцәа ироуит алшара аԥара-хсаалага "Мир" ала аекосистемаҿ ашәарақәа рымҩаԥгара.
iPhone амениу "Аԥарашәашьа ахкқәа" аҟны ицәырҵит урыстәылатәи аԥарашәаратә система ахьӡ. Уи адагьы ахархәара рымоуп асистемақәа: Visa, MasterCard, American Express.
Аԥсны
Абанк ахсаалага "АԤРА" аҟынтәи урыстәылатәи ахсаалагақәа рахь аԥара аиагара аланарҵәоит
Уажәшьҭарнахыс Apple ахархәаҩцәа ироуеит алшара аԥара-хсаалага "Мир" ала ашәарақәа рымҩаԥгара – Apple Music, Apple TV, Apple Podcasts, ацҵа App Store рзы.
Аԥхынразы урыстәылатәи абанк дуқәа ааба: Аҵәахырҭатә банк, ВТБ, Россельхозбанк, Промсвиазьбанк, Почта Банк, Центр-инвест, Тинькофф банк, Примсоцбанк аԥара-хсаалага "Мир" Apple Pay иаҿаркит.