Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи разхаҵаразы азакәан апроект Белоруссиа Апарламент ахь имнеицт

Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи разхаҵаразы азакәан апроект Белоруссиа Апарламент ахь инашьҭуп ҳәа иофициалым ахыҵхырҭақәа рҟны аинформациа цәырҵит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 11 – Sputnik. Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи разхаҵаразы азакәан апроект Белоруссиа Апарламент ахь имнеицт, абри атәы Sputnik Беларусь иазеиҭарҳәеит Апарламент аҵаҟатәи апалата Амаӡаныҟәгарҭаҿы.
"Уи аҩыза ашәҟәқәа ҳмоуцт. Ари азҵаара азакәанԥҵара иаобиектны иҟаӡам", - рҳәеит Амаӡаныҟәгарҭаҿы.
Мышқәак раԥхьа иофициалым ахыҵхырҭақәа рҟны аинформациа цәырҵит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи разхаҵаразы азакәан апроект Белоруссиа Апарламент ахь инашьҭуп ҳәа.
Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра Урыстәыла иазханаҵеит 2008 шықәса нанҳәа 26 азы.
Иахьазы, Урыстәыла анаҩс, Аԥсны аҳәынҭқарра ахьыԥшымра иазхарҵахьеит: Никарагуа, Венесуела, Науру, Вануату, Тувалу, Шьамтәыла.