Урыстәыла акоронавирус алаҵәара алызмыршо ахәшә аус адырулоит

Sputnik
АҞӘА, абҵара 11- Sputnik. Урыстәыла акоронавирус алаҵәара алызмыршо ахәшә аус адырулоит, аха уи алҵшәа убарҭахоит аамҭақәак рышьҭахь. Абри атәы РИА Новости иазеиҭеиҳәеит Гамалеи ихьӡ зху аепидемиологиеи амикробиологие рыҭҵаарадырратә центр адиректор Александр Гинцбург.
Гинцбург хымԥадатәи алаҵаҟаҵара ахәҭоуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит
Гинцбург аҳәамҭа ҟаиҵахьан жьҭаарамзазы акоронавирус чымазара зыхьуа рыхәшәтәразы ацәеижьҿагылақәа рыла еибарку ахәшә аклиникатә ҭҵаара иалагоит ҳәа.
"Авирус аҿиара шьақәзыртәо ахәшәқәа аус рыдуылара ҳалагоит. Иахьазы уи алзыршоны иҟоу ракәзар авирус уацәымшәартә аиԥш аиааира рылшом, ачымазцәагьы узыхәышәтәуам", - азгәеиеҭит Гинцбург.
Аҿкы аҿиара алызмыршо ахәшә аус ахьынӡадуылатәу аамҭа атәы изымҳәеит Гинцбург.
Гинцбург: аковидшьҭахьтә синдром аан алаҵа апациент иҭагылазаашьа еиӷьнатәыр алшоит