Аԥсны

Арасеи акакани згәылоу агәырхаага: ахыжәла аџьынџьыхәа шыҟарҵо

Sputnik
Аҩызлеи арасеи ма акакани ирылху аԥсуа гәырхаага – аџьынџьыхәа агьама ссируп, хәыҷи дуи бзиа изымбо дыҟамзар ҟалап. Аџьынџьыхәа аҟаҵаразы аамҭа рацәа аҭахуп, амарҭхәқәа зегьы цқьоуп, агәабзиара иазеиӷьуп.
Аҟәа инхо Ирина Кәарҷелиаԥҳа есышықәса аԥсуа традициатә хыжәлақәа дрызҟазоуп. Аџьынџьыхәа, алаҳарҩа, ахәырмарҩа ҟалҵо далагеит лыстуденттә шықәсқәа рзы. Ҽнак лара 200 цыра лрыԥхуеит.
Аџьынџьыхәа акыр аамҭа иԥхасҭахаӡом, аҵәахразы ибзиоуп.