Аԥсны

Бжьаниа Очамчыра араион аҿтәи аилацәажәара аихшьалақәа ҟаиҵеит

Sputnik
АҞӘА, абҵара 12 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Очамчыра араион аҿтәи аилацәажәара аихшьалақәа ҟаиҵеит.
Иара араион аҿы имҩаԥгаз аусурақәа ааидкыланы "хар амам" ҳәа ахәшьара риҭеит.
Бжьаниа араион ахада Беслан Бигәаа инапы ианиҵеит афымцалашара ахархәараз аԥара аизгара ирӷәӷәарц, уи ззалмыршо ақыҭа ахадацәа русура иамихларц.

Ауааԥсыра 40 капеи рызшәом ҳәа анырҳәо ииашаӡам. Аӡәгьы ирыцҳашьара аҭахӡам. Амчра шәхы иашәырхәа. Ишәҭахызар мчыбжьык сышәзааны аус зуп. Агәра шәсыргоит, аизгарақәа 20 процент ишеиҳахо.

Аслан Бжьаниа
Аԥсны ахада
Бигәаа иҳасабырбаҿы иазгәеиҭеит араион 2017 шықәса раахыс ахы ианархәаз алашаразы 228 миллион мааҭ ауал шақәу.