Аԥсны

Хҩык ауааԥсыра Тамшь ақыҭа азааигәара амҩан амашәыр иақәшәеит

Автомашьынақәа еиҿасит Тамшь ақыҭа иахьаҵанакуа ареспубликатә мҩаду хадаҿы.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 12 – Sputnik. Очамчыра араион аҿы хҩык ауааԥсыра амҩан изқәшәаз амашәыр иахҟьаны ааха роуит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА.
Амҩаду хада Ԥсоу-Егры Тамшь ақыҭа иахьаҵанакуа х-машьынак еиҿасит.
Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистррахь адырра ҟалеит асааҭ 18:09 рзы. Амашәыр ахьыҟалаз аҭыԥ ахь инеит аиқәырхаҩцәеи Очамчыратәи амедицинатә цхыраара амашьынеи.
Ааха зауз рыхҩык Очамчыратәи араионтә хәшәтәырҭахь инаргеит.