Шьамтәыла аиҳабыра аибашьра ирзаанагаз аԥхасҭа ахә ршьеит

Жәашықәса ирықәуп Шьамтәыла аиҳабыратә мчрақәеи жәларбжьаратәи атеррористцәеи еиҿагылоижьҭеи.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 12- Sputnik. Шьамтәыла ахатә сектори аҳәынҭқарратә сектори рҿы анхамҩа аибашьра иахҟьаны 23,5 миллиард доллар рыхә аԥхасҭа амоуп, аанацҳауеит РИА Новости, ареспублика ааглыхраз аминистр Зиаид Саббаг иажәақәа шьаҭас иганы.
Ачынуаҩ иажәақәа рыла, атеррористцәа хықәкыла идырхәашон афатәааглыхра анаплакқәа, ахәшә ахьыҭрыжьуаз уҳәа аҵакы ӷәӷәа змоу аинфраструктура. Саббаг ишиҳәо ала, аиҳарак аԥхасҭа рыҭан анефҭааглыхратәии анефҭ аусадуларатәии ааглыхра аусхк.
Жәашықәса ирықәуп Шьамтәыла аиҳабыратә мчрақәеи жәларбжьаратәи атеррористцәеи бџьаршьҭыхла еиҿагылоижьҭеи.
Шьамтәыла Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит 2018 шықәса лаҵара 29 азы.