Урыстәыла иаԥҵоуп COVID ацәеижь аҿы алазаара 16-нтә еиҵазтәуа БАД

Урыстәылатәи арратә ҵарауаа акоронавирус змоу рзы абиологиа-активтә фатәцҵа аԥырҵеит. Ари амаҭәашьар COVID ацәеижь аҿы алазаара 16-нтә еиҵанатәуеит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 12 - Sputnik. Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра 27-тәи аҭҵаарадырратә Институт хада аҵарауаа иаԥырҵеит иуникалу абиологиа-активтә маҭәашьар "КовБАД". Амаҭәашьар COVID ацәеижь аҿы алазаара 16-нтә еиҵанатәуеит. Абри атәы еиҭеиҳәеит агазеҭ "Красная звезда" аинтервиу азҭаз арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара рыр аиҳабы, аинрал­-леитенант Игорь Кириллов ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
"Амаҭәашьар иамоу ахаҳара ахәшьара анаҭаха ашьҭахь абҵарамза алагамҭаз ари а-БАД аҳәынҭқарратә ҭаҩра аиуит. Аекспериментқәа иаадырԥшит амаҭәашьар адкылара ашьҭахь аҩбатәи амш азы авирус ахыԥхьаӡара лаҟәуеит, афбатәи амш азы ацәеижь аҿы уи 16-нтә еиҵахоит ҳәа. Ачымазарагьы авирус аиҵахара инадҳәаланы еиҳа иԥсыҽны имҩаԥысуеит", - ҳәа иҳәеит иара.
Урыстәыла акоронавирус алаҵәара алызмыршо ахәшә аус адырулоит
Кириллов иажәақәа рыла, Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра 27-тәи аҭҵаарадырратә Институт хада аҵарауаа иаԥырҵо абиологиа-активтә маҭәашьарқәа аԥсабаратә шьаҭа рымоуп: арониа, аехинацеиа, фукоидан, Аокеан ҭынч иалоу акальмар агидролизат уҳәа ацәеижь авирус иацәызыхьчо амаҭәашьарқәа.