Аԥсны

"Спутник V" ф-нызқь лаҵа Аԥсныҟа иааргараны иҟоуп абҵарамза 15 рзы

Уаанӡа Аԥсны аиҿцәажәарақәа мҩаԥнагахьан ҭагалан азы атәылахь урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" аагаразы.
Sputnik
СУХУМ, абҵара 13 - Sputnik. Ф-нызқь лаҵа "Спутник V" Аԥсныҟа инықәырԥшны иуҳәозар, абҵарамза 15 рзы иаараны иҟоуп, абри атәы иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба есымчыбжьа имҩаԥиго ипресс-конференциаҿы.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа урыстәылатәи алаҵа 30 нызқь Аԥсныҟа иааргаразы аицәажәарақәа Москва имҩаԥигахьан, ҳәа иажәа иациҵеит Быҭәба.
Алаҵа актәи ахәҭа амҩа иқәуп, иааиуа ашәахьа абҵарамза 15 рзы иаараны иҟоуп.
Быҭәба Аԥсны ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаиҵеит алаҵа ҟарҵаларц, избанзар алаҵоуп COVID-19 иуадаҩу аформа уацәызыхьчо.