Аԥсны

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрраҟны ирҳәеит ахәҷтәы хәшәтәырҭа иадҵаало шырацәахаз

Аоперштаб аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, Аԥсны аҿкчымазара зцәа иаланы иаадырԥшыз 33116-ҩык рҟынӡа инаӡеит, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 483-ҩык.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 13 - Sputnik. Аԥсны агәабзиарахьара аминистр Едуард Быҭәба иҳәеит Ареспубликатә ахәҷтәы хәшәтәырҭа иаҭаауа рхыԥхьаӡара шырацәахаз.
Иара иажәақәа рыла, ахәыҷқәа рыбжьара акороновирус зыхьуа рхыԥхьаӡара акыр илаҟәит, аха егьырҭ ачымазарақәа рзын ахәшәтәырҭа иадҵаало рацәаҩуп.
" Ирацәаҩуп ахәыҷқәа ахәшәтәырҭахь иаарго ентеровирус, аамҭа-хәҭатә агрипп зыхьны, иара егьырҭ ачымазарақәа шыҟац иҟоуп. Иахьатәи аамҭазы ахәшәтәырҭа даара ахьынҭара амоуп, иҟалалоит уахыки-ҽнаки рыла 80-95 ҩык рҟынӡа амбулатортә хәшәтәра ианахысуа. Иара убас ирацәахеит ахәыҷқәа аԥҟара анрықәшәогьы", - ҳәа иҳәеит аминистр.
Быҭәба инаҵшьны иазгәеиҭеит, аҳақьымцәа ари ахырхарҭа гәцаракрыла ишазнеиуа.
Аҟәа ахәыҷтәы хәшәтәырҭа ҿыц ахьдыргылаша аҭыԥ алырхит