Аԥсны

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ашьыжьтәи абаҩрҵәыра мҩаԥигеит аминистрцәа алархәны

Аслан Бжьаниа идирбеит ишьыжь шалаго, еиҭеиҳәеит иарбан баҩрҵәыроу инаигӡо иусқәа дрылагаанӡа.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 13 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иколлегацәа рзы ашьыжьтәи аспорттә ныҟәара рзеиҿикааит аҳәынҭкарратә дача аҵакыраҿы.
Уи рхы аладырхәит Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьапуа, аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр Џьансыхә Нанба, акультура аминистр Гәдиса Агрба, аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа, аиустициа аминистр Анри Барцыц, агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба, Аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭеи еиуеиԥшым ахылаԥшырҭақәеи русзуҩцәеи.
1 / 4

Аслан  Бжьаниа ашьыжьтәи абаҩрҵәыра мҩаԥигеит аминистрцәа алархәны

2 / 4

Аслан  Бжьаниа ашьыжьтәи абаҩрҵәыра мҩаԥигеит аминистрцәа алархәны

3 / 4

Аслан  Бжьаниа ашьыжьтәи абаҩрҵәыра мҩаԥигеит аминистрцәа алархәны

4 / 4

Аслан  Бжьаниа ашьыжьтәи абаҩрҵәыра мҩаԥигеит аминистрцәа алархәны

Ашьыжьтәи аныҟәара иалахәын ҩышықәса зхыҵуа аҳәынҭқарра ахада ила лабрадор Гера.
Аныҟәара хацыркын ашьыжь 8:51 рзы иагьхыркәшан 10:05 рзеиԥш. Аҳәынҭқарра ахада иколлегацәеи иареи 1800 метра х-еикәшарак иныҟәеит. Ҩ-еиқәшарак рышьҭахь иҟарҵеит аԥсшьара, ачаи ржәит шьыжьхьа инацҳаит.
Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба иазгәеиҭеит, аспорт ауаҩы игәабзиаразы даара ишхәарҭоу.
"Зегьы ишәабжьазгоит шьыжьла абаҩрҵәыра аҟаҵара. Аҳауацқьаҿы аҟазаара ари ихәарҭоуп, аҿкчымазара аԥырҟәҟәаразгьы", - ҳәа азгәеиҭеит иара.
Аԥсны
Агәабзиарахьчара аминистр Аԥсны аепидҭагылазаашьа ахәшьара аиҭеит
Аслан Бжьаниа еиҭеиҳәеит, ишьыжь шалаго асааҭ 7:00 рзы абаҩрҵәыреи аныҟәареи рыла. Аԥхын урҭ ирыцлоит аӡсара.
Шьыжьхьа акашь, ачаи ма ашәыр еиӷьеишьоит.
"Абаҩрҵәыра амч сынаҭоит, сгәалаҟазаара шьҭнахуеит, уи ачымазарақәа зегьы ирыхәшәуп. Зегьы ишәабжьазгоит абаҩрҵәыра ҟашәҵаларц. Сара сколлегацәа идсырбеит, аҳәынҭқарратә дачаҟны уи шымҩаԥысуа. Бзиала шәаабеит, изҭаху зегьы. Ашьыжьтәи ҳныҟәареи аицәажәареи еилаҳагӡар ҟалоит", - иҳәеит Бжьаниа.
Аҳәынҭқарра ахада иазгәеиҭеит, игәабзиара иаԥырхагоу ашьццылара бааԥсқәа шимам, аҭаҭын дшамхо арыжәтә џьбара иҽшадимцало.