АҞӘА, абҵара 13 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 237-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 80-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 68-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 20-ҩык, ибжьаратәуп - 48-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 40-ҩык, урҭ рахьтә 12-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 21-ы, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 22-а, урҭ рахьтә хәҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы ааҩык ачымазцәа шьҭоуп. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 98-ҩык, 12-ҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.