Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Хәырхәмал Маркәыла афымцалашара ахә ахшәаара зеиԥшроу

Очамчыра араион Маркәыла ақыҭа ахада Анри Хәырхәмал арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит афымцалашара ахә ахшәааразы ақыҭаҟны аҭагылааашьа зеиԥшроу, Аҳәынҭқарра ахада идҵа анагӡара ахьынӡарзалшо атәы.
Sputnik
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Очамчыра араион актив дырԥылеит абҵара 12 азы. Бжьаниа араион ахада Беслан Бигәаа инапы ианиҵеит афымцалашара ахархәараз аԥара аизгара ирӷәӷәарц, уи ззалмыршо ақыҭа ахадацәа русура иамихларц.
"Ауааԥсыра 40 капеи рызшәом ҳәа анырҳәо ииашаӡам. Аӡәгьы ирыцҳашьара аҭахӡам. Амчра шәхы иашәырхәа. Ишәҭахызар мчыбжьык сышәзааны аус зуп. Агәра шәсыргоит, аизгарақәа 20 процент ишеиҳахо", - иҳәеит Бжьаниа.
Беслан Бигәаа иҳасабырбаҿы иазгәеиҭеит араион ахы ианархәаз алашаразы 228 миллион мааҭ инацны ауал шақәу.
Афымцалашара ахә ахшәаара аганахьала Маркәыла ақыҭа зынӡаскгьы ихьысҳауп узҳәом, ҳәа азгәеиҭеит ақыҭа ахада Анри Хәырхәмал арадио Sputnik аефир аҟны. Иара иҳәеит афымца ахәԥса еизызго ауаҩы дышрымам ақыҭаҟны. Агәыӷра ааирԥшит ашықәс анҵәамҭазы ақыҭауаа 50 процент инацны афымцалашаразы ахәԥса еизыргап ҳәа.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.