Аԥсны

Алада Ешыра иҟалаз амашәыр иахҟьаны хҩык ааха роуит

Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистррахь адырра ҟалеит абҵара 14 асааҭ 01:53 рзы.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 14 - Sputnik. Х-ҩык ааха роуит Аҟәа араион Алада Ешыра ақыҭан амҩаду аҟны иҟалаз амашәыр иахҟьаны. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.

Автомашьына Toyota амҩан азааигәара иҟаз афымцатә цәаҳәа ашьаҟа иасит.

Амашәыр ахьыҟалаз аҭыԥ ахь инеит аиқәырхаҩцәеи амцарцәаҩцәеи Аҟәатәи аҟәша.
Ааха зауз рыхҩык Ареспубликатә хәшәтәырҭахь инаргеит.