Аԥсны

Ихьҩежьу ашәыррыԥхра: Аԥсны аӡынхәы ҳәа ахәырмарҩа шыҟарҵо

Sputnik
Аԥсуаа жәытәаахыс ҭагалан аӡынхәы ҳәа еиуеиԥшым аҭаҵәахқәа ҟарҵоит. Акәаци ашәи рыдагьы акыраамҭа иԥхасҭамхартә, иалоу авитаминқәагьы зегьы еиқәхартә идырҩон ашәырхкқәа. Ус еиԥш иҟарҵоз ахыжәлақәа иреиуоуп ахәырмарҩа.
Ахәырмарҩа - аԥснытәи ҭагалан иасимволуп, жьҭаарамза-абҵарамзазы ақыҭақәа рҟны ана-ара абарҵақәа рҿы улаԥш иҵашәоит арҭ ашәыррыԥхрақәа.
Арҩаразы ианаало иҟалацәамкәа иҟоу ахәырма ауп. Иалырԥшааз ахәырма ацәа ахыхны ахәҵәқәа еидҿарҳәалоит. Ахәырмеидҳәала мбаарц азы амра ахьабо, аԥша ахьықәсуа икнарҳауеит.
Кали, магни, кальци, натри уҳәа хәарҭара злоу амаҭәашьарқәа рыла ахәырма егьырҭ ашәырқәа ираԥнагоит, иара убас иара жәлар рмедицинаҟны рхы иадырхәоит.