Анхаҩы ихазы мацара акәымкәа , уи инахыҳәҳәаны иааирыхуа иҭиуазар, изыфеидоуп . Уи азы иаалыҵ иманшәаланы иахьиҭиша, аҭыԥгьы имазароуп . Аџьармыкьақәа рҿы иҟалалоит ус еиԥш аҭагылазаашьа анрымамгьы аарыхыҩцәа . Аҟәа аанҿасырҭа "Гәыма" аҟны анхацәа иаадрыхыз аахәаҩцәа ирыдыргалартә алшара рзаԥҵоуп иахьа асааҭ 10 инаркны ахәылбыҽха асааҭ хәбанӡа. Ари аамҭазы аус зуа аџьармыкьа аахәаҩ иднагало атәы далацәажәеит арадио Sputnik аефир аҟны " Guma art station" акультуратә усмҩаԥгатәқәа реиҿкааҩ Шьарида Ҭыжәԥҳа.
Шәазыӡырҩы аудио.