Аԥсны

275 000 доллар закәаншьаҭада Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ииаргон

ЕАЕС аҳазалхратә ҳәаа закәаншьаҭада хыԥхьаӡара рацәала аԥара ахыгара аганахьала ашьаус хацыркуп.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 15 - Sputnik. Иԥкуп хыԥхьаӡара рацәала аԥара аҳәынҭқарратә ҳәаа ахыгара. Аԥҳәыс лҽазылшәон 275 000 доллар закәаншьаҭада Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аиагара. Абри атәы аанацҳауеит Краснодартәи аҳазалхра Шәача ақалақь аҿтәи амаҵзура.
Аԥҳәыс дааныркылеит аурыс-аԥсуа ҳәа ахысраан.
1 / 2

Иԥкуп хыԥхьаӡара рацәала аԥара аҳәынҭқарратә ҳәаа ахыгара

2 / 2

Иԥкуп хыԥхьаӡара рацәала аԥара аҳәынҭқарратә ҳәаа ахыгара

Аԥҳәыс лшәыраҿы аҳазалхыҩцәа аҳәаанырцә валиута рбеит. Убри аан аԥҳәыс иазгәалҭеит аԥара ҳамҭас лыуа ишизылгоз, аха иара шаҟа ыҟаз ахыԥхьаӡара лзымҳәеит.
Авалиута аԥхьаӡараан еилкаахеит 275 330 доллар шыҟаз. Абри аан аԥара аиагаразы адекларациатә документқәа лымаӡамызт.
Урыстәыла азакәан инақәыршәаны, аԥареи (ма) амҩатә чекқәеи ЕАА 10 нызқь доллар (авалиутатә курс иақәшәо) иреиҳау, аамҭакала атәыла алагалара/алгара аан аԥареи амҩатә чекқәеи ҩыратә формала аҳазалхратә декларациа иахыжьтәуп.
100 000 доллар еиҳаны аҳәаа ахыгараан аҳазалхратә усбарҭа аԥарақәа ирхыҵхырҭоу шьақәзырӷәӷәо адокумент рыдгалатәуп.
Аԥара згоз илымхуп. Ашьаусҭҵаара мҩаԥысуеит.
Урыстәылантәи Аԥсныҟа анаркотикқәа рымҩангара аркуп