Арадио

Агәуа Жәандәрыԥшь ақыҭа иазкны: зегьы иреиӷьушәа сгәы иабоит

Ақыҭа аиқәырхара, арҿиара шалыршатәу, анхаҩы иахьазы уадаҩрас иԥыло, цхыраарас ииҭаху атәы иалацәажәоит арадио Sputnik адырраҭара "Ақыҭа - нхарҭа ҭыԥуп" аҟны. Уи далахәын Жәандәрыԥшь ақыҭаҟны инхо Алхас Агәуа.
Sputnik
"Жәандәрыԥшь анкьа аахыс аҭоурых ӷәӷәаны измоу, ашәҟәқәа ззыркхьоу қыҭоуп. Амшыни ашьхеи ирыбжьакуп, даара анхараз иманшәалоуп, иԥшӡоуп ҳәа сгәы иаанагоит. Егьырҭ ақыҭақәагьы ԥшӡоуп, аха досу дахьиз, дахьааӡаз иаҳа бзиа ибоит. Сганахьала, зегьы иреиӷьушәа сгәы иабоит", - иҳәеит Агәуа.
Жәлар рмедицина ала еиуеиԥшым аҳаскьынқәа, аҵиаақәа рыла ахәшәқәа ҟазҵо, уи аус абшьҭрала иаазго анхаҩы еиҭеиҳәеит иахьа ақыҭаҟны ибзазашьоу.