АҞӘА, абҵара 15 - Sputnik. COVID-19 зыхьыз рхыԥхьаӡара абжьааԥны еиԥшымкәа ирацәахеит Ҟәбан иахьаҵанакуа ҳәа аанацҳауеит арегион аҿтәи аоперштаб.
Амҽышазы иазгәаҭан 494 коронавирус хҭыс.
Аоперштаб адыррала, COVID-19 зманы 100–260-ҩык рҟынӡа аԥхынраз акәын ианаадырԥшуаз. Ҭагалан иалагазар, урҭ рхыԥхьаӡара еиҵахахьан. Абҵарамза иалагазар, ари ахыԥхьаӡара 300 рахь ихалеит.
Краснодартәи атәылаҿацә аҿы 60 шықәса еиҳаны изхыҵуа, асоцмаҵзура аусзуҩцәа, хырхарҭарацәалатәи ацентрқәа русзуҩцәа хымԥада алаҵаҟаҵара иаҵанакуеит.
Иара убасгьы ара абҵара 21 аҟынӡа аԥкрақәа алагалоуп.
Краснодартәи атәылаҿацә аҿы, Шәачагьы убрахь иналаҵаны, ахәаахәҭра-ырлахҿыхратә комплексқәеи ацентрқәа рахь унеирц азы иумазароуп алаҵа шыҟаҵаухьоу азы ма акоронавирус шухугьахоу азы аилыркаага ма QR-код, мамзаргьы амедицинатә рбагақәа рыла алаҵаҟаҵара ҟауҵар шыҟамло узырбо адокумент.
Асасааирҭа уҩналар ҟалоит COVID-19 аҟынтә алаҵа актәи акомпонент улаҵазаргьы. Аха акаҳуажәырҭа, ақьафурҭа, ма ауаа рацәа злахәу аусмҩаԥгатә ахь унеир улшоит алаҵа шыҟауҵахьоу азы мамзаргьы акоронавирус шухугьахоу азы аилыркаага ма QR-код уманы.