Египет амариалқәа жәылеит: 500-ҩык рҟынӡа ирыцҳахьеит

Ари аҩыза аҭагылазаашьа мзызс иамоуп арҭ аҭыԥқәа рҿы зеиԥш маҷу ақәоурақәеи акырцхлеиреи роуп.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 15 - Sputnik. 500-ҩык инарзынаԥшуа ауаа амариалқәа рыцҳаит Египет аладатәи ахәҭа апровинциа Асуан аҿы ҳәа ааицҳауеит Агәабзиарахьчара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Халед Абд аль-Гаффар.
Ари аҩыза аҭагылазаашьа мзызс иамоуп арҭ аҭыԥқәа рҿы зеиԥш маҷу ақәоурақәеи акырцхлеиреи ҳәа ахырҳәааит аминистрраҟны.

"503-ҩык Асуан ауааԥсыра амариалқәа рыцҳаит, аха ԥсыҭбара ыҟам", - ҳәа аҳәоит аусбарҭа апресс-релиз.

Аминистр иҳәеит ахәшәтәырҭақәа зегь рҿы ишазхо ашҳам хызҽуа ахәшәқәа.
Аҳақьымцәа ааԥхьара ҟарҵеит амариал зыцҳаз аамҭа мгакәа ахәшәтәырҭахь иадҵааларц.
Египет иҟоу амариалқәа адунеи аҟны зегь раасҭа ашҳам змоу ракәны иԥхьаӡоуп.