Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: ақьиара иазку аусеиҿкаатә атәы

Ақьиара Жәларбжьаратәи амш адунеи аҿы иазгәарҭоит абҵара 13 рзы. Уи аҳаҭыр азы иахьа Аԥсны имҩаԥгаз ауснагӡатә арадио Sputnik аефир аҟны иалацәажәеит Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" аиҳабы Мактина Џьынџьалԥҳаи Гәдоуҭатәи арҵаҩы Даниелла Ладариаԥҳаи.
Sputnik
Ақьиара Жәларбжьаратәи амш аҳаҭыр азы Аԥсны имҩаԥган уи иазкыз ауснагӡатә. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ҳтәылаҿы иазгәарҭо акциа апандемиа аамҭазы иҷыдоу азнеишьақәа шамоугьы, ибжьамыжькәа имҩаԥыргеит иахьагьы. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" ахаҭарнакцәеи, ааԥхьара змаз атәылаҿы еицырдыруа ауааи ашколхәыҷқәа ирзеиҿыркааит ақьиара аурок. Ари аусеиҿкаатә шымҩаԥысыз арадио Sputnik аефир аҟны иалацәажәеит Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" аиҳабы Мактина Џьынџьалԥҳаи Гәдоуҭатәи аҩбатәи абжьаратә школ арҵаҩы Даниелла Ладариаԥҳаи.
Шәазыӡырҩы аудио.