Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа анапхгаҩ ҿыцс далхуп Мураҭ Махариа. Иара уи аҭыԥ аҟны диԥсахит зусура аҿҳәара нҵәаз Аҭанур Аҟәысба.
Абҵарамза 14 рзы Ҭырқәтәыла Қоџьаели иахьаҵанакуа Измиҭ ақалақь аҿы имҩаԥысит Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа абыжьбатәи Аизара ду. Уи рхы аладырхәит еиуеиԥшым ахәынҭқаррақәа рҟынтә ааҧхьаразмаз ҳџьынџьуаа рхаҭарнакцәа.
"Аизараҟны зҵаара хадас иқәгылаз анапхгаҩ ҿыци Афедерациа анапхгара иалоуи ралхара акәын. Ҩыџьа акандидатцәа ықәгылан сынтәа. Руаӡәы - Абганба Орал иоуп, уи уажәы Сақариа еиҿкаау Аԥсуа культуратә хеидкыла анапхгаҩыс дыҟоуп, аҩбатәи акандидатс иҟаз - Мураҭ Махариа иоуп. Иара Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩс аус иуан. Ари иара изы ус ҿыцӡам, иҳаҩсыз хәышықәса инареиҳаны иара Афедерациа имҩаԥнагоз ауснагӡатәқәа зегьы дрылахәын. Шьҭрала Диузџье иаду ақыҭа деиуоуп, Сҭампыл изызҳаз ҳашьа, ҳџьынџьуаҩ иоуп. Иара Аԥсны иқәынхои ара иҟоу ҳдиаспореи реимадара арӷәӷәареи арҭбаареи аус адызулахьоу иоуп", - иҳәеит Лазба.