Путин ЕЕ ахь ааԥхьара ҟаиҵеит амиграциатә кризис азы ахара егьырҭ рыжәҩа иқәрымҵаларц

Ари амчыбжь азы хыԥхьаӡара рацәала ахҵәацәа Белоруссиа иалсны Польша аҳәаахь инеит, Евроеидгыла аҵакырахь инеирц. Гроднентәи аобласт аушьҭырҭатә ҭыԥ "Брузги" аҿы алагер еиҵырхит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 15 - Sputnik. Европатәи атәылақәа рхаҭа роуп иаԥызҵаз аҭагылазаашьа амигрантцәа уахь инеиларц азы. Уажәы иҟоу аҭагылазаашьазы ахара рхы иахыргар рҭахуп ҳәа иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин, амиграциатә кризис далацәажәо.

"Ахара зхароу дара роуп – аполитикатә, арратә, аекономикатә ҭагылазаашьақәа зегь рыла. Европатәи атәылақәа рхаҭа роуп иаԥызҵаз аҭагылазаашьа амигрантцәа уахь инеиларц азы. Уажәы иҟоу аҭагылазаашьазы ахара рхы иахыргар рҭахуп", - ҳәа иҳәеит Путин ажурналист Павлел Зарубин ателеканал "Россия 1" апрограмма "Москва Кремль. Путин" аҿы аинтервиу иҭо.

Путин иара убасгьы ахҳәаа аиҭеит "Аэрофлот" ахҵәацәа Минскҟа имҩаԥнагон ҳәа иахарарҵо. "Аэрофлот иахароуи? "Аэрофлот" иатәу ҳаирпланк иҟалап ахԥатәи атәылақәа рҟынтәи рыԥырраан џьара аӡәы ихы иаирхәазар. Ҳара иҳадырбалои? Аҽазныкгьы исҳәоит - рхы иахыганы ахара аҽаӡәы ихараҵароуп имҩаԥысуа", - ҳәа азгәеиҭеит иара.
Абҵара 8 азы хыԥхьаӡара рацәала ахҵәацәа Белоруссиа иалсны Польша аҳәаахь инеит, Евроеидгыла аҵакырахь инеирц. Гроднентәи аобласт аушьҭырҭатә ҭыԥ "Брузги" аҿы 2 нызқьҩык инарзынаԥшуа ахҵәацәа, аҳәсеи ахәыҷқәеи назлаз, алагер еиҵырхит.
Польшатәи амчрақәа ракәзар, дара атәыла иаларыжьлом.