"Сынтәа араион аҟны амандарина ахаҭабзиара ҳаракуп, аха ҵыԥх иҟаз аҽаҩра 30-50 процент аҟароуп сынтәа иҟоу. Ҵыԥх ф-нызқь тонна инареиҳаны иҟазҭгьы Гал араион иахьаҵанакуа, сынтәа 1500-2000 тонна рҟынӡа ҳазыԥшуп амандарина аҽаҩра. Аҿыхра иалагеит шьҭа, ҳара ҳҟны ҳазҭоу амза 15 инаркны ауп аизгара ианалаго. Амшқәа иҳарҭар иааиуа амза 15-20 рзы аҽаҩра еинаҳгалап ҳәа ҳгәы иаанагоит", - иҳәеит Шьониа.
Иаҳа инарҭбаау аицәажәара аудиофаил аҟны.