Арадио

Аҽааӡаҩ Ашәба сынтәа Урыстәыла дызлахәыз аҽырыҩрақәа рзы: иманшәалан, ибзианы ҳақәгылеит

Аҽааӡаҩ Ахра Ашәба Урыстәыла иахьаҵанакуа ари ашықәсазы аҽааӡаҩцәа рреитенг аҟны аԥшьбатәи аҭыԥ ааникылеит. Арадио Sputnik аефир аҟны иара еиҭеиҳәеит ас еиԥш алҵшәа иацу аџьабаа атәы, шаҟа ҽыҩ иахьазы имоу уҳәа.
Sputnik
Аԥсуа ҽааӡаҩ Ахра Ашәба зшьа цқьоу араԥтәи ажәла иаҵанакуа аҽыҩқәеи рааӡаҩцәа рреитинг аҟны аԥшьбатәи аҭыԥ ааникылоит Урыстәыла иахьаҵанакуа 2021 шықәсазы. Сынтәа Ахра Ашәба иҽқәа 22 ҽырыҩра ирылахәын, урҭ рҿы 14 иааира ргеит. Ас еиԥш иҟоу алҵшәа бзиақәа рааԥшра маӡас иамоуи, аҽааӡара иацу акәамаҵамақәеи, анаҩстәи ихықәкқәеи ртәы аҽааӡаҩ арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит.