Акоронавирус адельта-штамм аҷыдарақәа рыӡбахә ҳәоуп

Агәабзиарахьчараз адунеизегьтә еиҿкаара - ВОЗ адыррақәа рыла индиатәи аштамм (дельта), B.1.617, ҳәа хьӡыс изҭоу аарԥшын 2020 шықәса жьҭаарамзазы.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 16 - Sputnik. Акоронавирус адельта-штамм 2-2,5 рыла еиҳаны ахьанҭара амоуп ухантәи аштамм иаҿурԥшуазар ҳәа лҳәеит Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра атерапиазы аштатнҭыҵтәи аҟазауаҩ Оксана Драпкина.

"Бжьаратәла акоронавирус адельта-штамм 2-2,5 рыла еиҳаны ахьанҭара амоуп ухантәи аштамм аасҭа", - ҳәа лҳәеит Драпкина ателеканал "Россия 24" аефир аҿы.

Аексперт лажәақәа рыла, адельта-штамм ашьҭкаарагьы еиҳа имариоуп.
Аклиникатә ҭагылазаашьагьы ачымазара аццакра ҟазшьаны иамоуп.
Урыстәылатәи аекспертцәа аштамм "дельта" аҽыԥсахрақәа ахәшьара арҭеит
Дельта штамм аинкубациатә аамҭа кьаҿуп, аха ауаҩы ицәеижь иаҳа ианыруеит. Убри аан ацәеижь алҵра еиҳа аамҭа аууп. Убри азы амедусзуҩцәа ирцәыуадаҩуп апациент игәы аныбзиахо ашьақәыргылара.