Аԥсны

Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ацитрусқәа рекспорт мызкала ҩ-нызқь тонна иацлеит

Амандаринақәа раԥхьатәи ркоммерциатә партиақәа Урыстәылаҟа ргара иалагеит жьҭаарамзазы.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 16 – Sputnik. Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ацитрусқәа рекспорт мызкы аҩнуҵҟала ҩ-нызқь тонна иацлеит ҳәа аанацҳауеит Краснодартәи аҳазалхырҭа асаит.
Ацитрусқәа рыдагьы анаплакыҩцәа аҳәаа иахыргоит афеихоа, ахәырма, алимон. Иахьазы 3500 тонна ақыҭанхамҩаалыҵ ашәҟәы иҭагалоуп.
Уахыки-ҽнаки рыла "Адлер" ала имҩасуеит 100 еидара-машьынақәа. Ииасыз ашықәс иаҿырԥшны ари арбага 10 процентк рыла еиҵоуп.
1 / 2

Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ацитрусқәа рекспорт мызкала ҩ-нызқь тонна иацлеит

2 / 2

Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ацитрусқәа рекспорт мызкала ҩ-нызқь тонна иацлеит

Ацитрусқәа ирласны иԥхасҭахо аалыҵны излаҟоу ала, аҳазалхыҩцәа урҭ аԥыжәара рырҭоит. Ҳаамҭазтәи атехника иалнаршоит аҳазалхратә процедура аамҭа акыр аркьаҿра.
Ирыҟәшәоит, еилырԥшаауеит: Аԥсны амандарина шҿырхуа