АҞӘА, абҵара 16 - Sputnik. COVID-19 аҟынтә алаҵа ҟазҵахьоу аҿкы зыдбалоу дареи еинырыр, шықәсыки бжаки ахыԥхьакра имцар ҟалоит, абри атәы азгәаҭоуп Роспотребнадзор аиҳабы Анна Попова лықәҵараҿы. Адокумент кьыԥхьуп азинтә информациа аофициалтә интернет-портал аҿы.
Адокумент аҿы иазгәаҭоуп COVID-19 аҟынтә алаҵа змам ауаҩы ачымазаҩ даниныр ашьҭахь 14 мзартә мшы иреиҵамкәа ихы ԥхьеиклароуп ҳәа.
"Аҵыхәтәантәи фымз рыҩнуҵҟа COVID-19 аҟынтә алаҵа ҟазҵази, аҵыхәтәантәи фымз рыҩнуҵҟа COVID-19 зхызгази ахыԥхьакра иаҵанакуам", - аҳәоит адокумент аҿы.