АҞӘА, абҵара 16 – Sputnik. Гагра араион ААР аусзуҩцәа рыԥсҭазаара ашәарҭара аҭаргылара аԥырҟәҟәаауп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР асаит.
Ацәгьоура зыгәҭакыз ахаҿқәа азусҭцәоу шьақәыргылоуп, урҭ аопергәыԥ иааныркылеит.
Аԥсны ААР арелиз ишаҳәо ала, абҵара 16 асааҭ 7:00 рзы Гагра, Арӡынба имҩаҿы ацәгьоура зыгәҭакыз Бзыԥҭа ақыҭа ҩыџьа ауааԥсыра – атапанча, ашәақь, анапылатә граната рыла еибыҭази амилициа аусзуҩцәеи рыбжьара аиҿахысра ҟалеит.
22 шықәса зхыҵуаз Амир Кьетиа арҭҟәацга аԥжәара иҽаназишәоз дҭахеит, 23 шықәса зхыҵуаз Омар Хагәышь ижәҩахыр ахәра аманы ахәшәтәырҭахь днагоуп.
Ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы акриминалисттә центр аусзуҩцәеи АҶА асапиорцәеи аус руеит. Абџьар, аџьаԥҳаны аекспертизахь инашьҭуп.
Аоператив-ԥшааратә уснагӡатәқәа ирыцырҵоит.