АҞӘА, абҵара 16 - Sputnik. COVID-19 аҟынтә аԥынҵа иҭарҭәо алаҵа ихәарҭам ныррак унаҭом ҳәа иҳәеит Гамалеи ихьӡ зху аепидемиологиеи амикробиологиеи Рцентр адиректор Александр Гинцбург, РИА Новости аинтервиу аҭо.
"Иахьазы аԥынҵа иҭарҭәо алаҵа ихәарҭам ныррак унаҭо иҳамбеит", - иҳәеит иара.
Гинцбург иара убасгьы амаҵзура иазеиҭеиҳәеит COVID-19 аҟынтәи аԥынҵатә лаҵа ахархәара азҵаара шыӡбахо аклиникатә ҭҵаарақәа рышьҭахь. Иара иажәақәа рыла ари аҩыза алаҵа шықәсыбжак ахь знык иҟауҵоит, иҟалап иҵегь аамҭа агара ауазар. Уи атәгьы хара имгакәа ишьақәдыргылоит.