Аԥсны

Анқәаб Урыстәыла аекономҿиара аминистрреи Атранспорт аминистрреи рделегациа идикылеит

Уаанӡа Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистрра аделегациа астанциа маҷ "Бзыԥ-220" аҿы аусурақәа шымҩаԥысуа гәарҭеит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 17 - Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб Урыстәыла Аекономикатә ҿиара аминистрреи Атранспорт аминистрреи рделегациа идикылеит ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара асаит.
Аделегациа ахадараҿы дыҟоуп Урыстәыла Аекономикатә ҿиара аминистрра программа ҷыдақәеи апроект ҷыдақәеи р-Департамент адиректор Витали Гудин.
Аделегациа алахәылацәеи урҭ аԥснытәи рколлегацәеи Александр Анқәаб изеиҭарҳәеит Аинвестициатә программала инарыгӡо апроектқәа рҟны аусурақәа рцашьа. Ирылацәажәан апроблематә зҵаарақәа, урҭ аҭыԥ рықәҵашьа.
Аԥсны
Урыстәыла аекономҿиара аминистрра аделегациа астанциа маҷ "Бзыԥ" иаҭааит
Аганқәа алацәажәеит 2022-2025 шықәсазтәи асоциал-економикатә программа абжьаратә проектқәа.
Хазы иалхны ирзааҭгылан ареспубликаҿы амҩақәа рҭагылазаашьа азҵаарақәа, Кәыдрытәи аиҩхаахь атранспорттә инфраструктура ареконструкциа аԥеиԥшгьы абрахь иналаҵаны.