COVID-19 зхызгаз ирабжьырго алаҵа аӡбахә рҳәеит

Sputnik
АҞӘА, абҵара 17 – Sputnik. COVID-19 зхызгаз, 60 шықәса раасҭа еиҵбу алаҵаҟаҵаразы ирабжьыргоит "Спутник Лайт", еиҳабу – "Спутник V" ҳәа РИА Новости иазеиҭеиҳәеит Гамалеи ихьӡ зху аепидемиологиеи амикробиологиеи Рцентр адиректор Александр Гинцбург.
COVID-19 аҟынтә алаҵа злазҵахьоу ачымазаҩ динырыргьы, ахыԥхьакра иқәшәом
"Агәабзиарахьчара аӡбамҭа иаша аднакылеит: COVID-19 зхызгаз, 60 шықәса раасҭа еиҵбу алаҵаҟаҵаразы ирабжьыргоит "Спутник Лайт", еиҳабу – "Спутник V" ҳәа иҳәеит иара арҭ алаҵақәа аиԥшымрақәа рымоума ҳәа иҭаз азҵаара аҭакс.
Акоронавирус аҟынтәи урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" 6000 доза иҟоу апартиа Аԥсныҟа иаагоуп абҵара 16 рзы. Алаҵа змоу зегьы ироуеит асертификат, QR-код арбаны. Уи Урыстәылагьы ахархәара ҟалоит.
Иахьазы акоронавирус аҟынтә Урыстәыла алаҵақәа хәба аԥҵоуп: "Спутник V", "ЭпиВакКорона", "КовиВак", "Спутник Лайт", "ЭпиВакКорона-Н", иара убасгьы Гамалеи ихьӡ зху ацентр аус зыднаулаз аԥынҵа иҭарҭәо алаҵа.
Гинцбург хымԥадатәи алаҵаҟаҵара ахәҭоуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит