Ермантәылеи Азербаиџьани Шоигу иацәажәара ашьҭахь реиҿагылара ааныркылеит

Урыстәылатәи аган абжьаҟазарала Ермантәыла мрагыларатәи аҳәаахәҭаҟны аиҿагылара аанкылоуп.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 17 - Sputnik. Ермантәылеи Азербаиџьани атәылахьчараз рминистрцәа Урыстәыла атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу иацәажәара ашьҭахь реиҿагылара ааныркылеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Урыстәыла атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу иколлегацәа Сурен Папикиани Закир Гасанови рахь ааԥхьара ҟаиҵеит аҭагылазаашьа ҵрымшәааларц.

"Аилацәажәара ашьҭахь аермани азербаиџьани ганқәа аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы ауснагӡатәқәа рыдыркылеит. Уажәтәи аамҭазы Килисали аҵакыраҿы аиҿагылара аԥырҟәҟәаауп. Аҭагылазаашьа ахылаԥшра амоуп", - ҳәа азгәарҭеит урыстәылатәи атәылахьчаратә усбарҭаҿы.

Аҭагылазаашьа шҭышәынтәалоу азгәарҭеит Еревангьы. Ермантәыла атәылахьчаратә усбарҭаҿы иазгәарҭеит лаӡарыла аррамаҵзура иахысуаз Меружан Арутиуниан дышҭахаз, 12-ҩык шытҟәоу.
Урыстәыла, Ермантәыла, Азербаиџьан еиқәшаҳаҭхеит аибашьра аанкыларазы