Аԥсны

Гәылрыԥшь араион ауаҩԥсы анаркотикқәа ихьимаз азы даанкылоуп

Sputnik
АҞӘА, абҵара 17 - Sputnik. Гәылрыԥшь араион амилициа аусзуҩцәа дааныркылеит 24 шықәса зхыҵуа Ҭенгьиз Ахьиба анаркотикқәа ахьимаз азы. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР асаит.
Ахьиба идбалан аполиетилен иалху аилаҳәара, амаҭәашьар ххы згәылаҳәаз. Аекспертиза ишьақәнарӷәӷәеит ари анаркотикатә маҭәашьар "марихуана" шакәу.
Ашьаус хацыркуп. Иара харас идҵоуп Аԥсны АЗ ахәҭаҷ 223, ахәҭа 1 иазԥхьагәанаҭо закәаншьаҭада анаркотикатә маҭәашьар аахәара, аҵәахра, амҩангара. Уи инақәыршәаны шықәсык инаркны хышықәсанӡа ихақәиҭра далхәыдатәхар ҟалоит.
Уажәы Ҭенгьиз Ахьиба 15 мшы административтә рбаандаҩра иқәҵоуп.