Аԥсны

Аҟәатәи арҵаҩцәа реиҳараҩык аҿкчымазара рхыргахьеит

Абҵара 16 азы аҳҭнықалақь аҵара Аусбарҭа аҿы Аҟәа ахада ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ашәбеи азеиԥшҵаратә школқәа рдиректорцәеи аларахәны аилацәажәара мҩаԥган.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 18 – Sputnik. Аҟәатәи ашколқәа рырҵаҩцәа 700-ҩык рҟынтәи 300-ҩык инареиҳаны акоронавирус рхыргахьеит, 100-ҩык инареиҳаны алаҵа ҟарҵахьеит ҳәа лҳәеит аилацәажәараҿы Аусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьылԥҳа. Абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит аҟәатәи ашкол №6 адиректор Лолита Кациаԥҳа.
"Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ашәба иҳаилиркааит ичмазаҩу ауаҩы заҟа харџь иқәдырӡуа, иҳәеит алаҵа ззыҟаҵоу аӡәгьы ахәшәтәырҭахь дышнанамгаз. Алаҵа ҟазҵаз ичмазаҩхозаргьы иԥсыҽны ирхыргоит", - ҳәа лҳәеит лара.
Аилацәажәараҿы ирылацәажәан аҵаратә процесс аан еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара, асанитартә нормақәа рыҟәныҟәара азҵаарақәа, арҵаҩцәа рлаҵаҟаҵара, аиҳарак 60 шықәса ирҭысхьоу.
"Ҳара ҳашкол аҿы аус руеит 75-ҩык арҵаҩцәа. Урҭ рҟынтәи алаҵа ҟарҵахьеит 13-ҩык. Урҭ ирылам 60-шықәса ирҭысхьоу. Иҟоуп ишәо, иҟоуп агәра зымго ма иҟазҵар ҟамло", - ҳәа азгәалҭеит Кациаԥҳа.
Аԥсны
Тҟәарчал араион аҵараҟәша аиҳабы ашколқәа рҭагылазаашьа дазааҭгылеит
Иахьазы COVID-19 ашкол №6 арҵаҩцәа аӡәгьы имаӡам. Рҵаҩык ахыԥхьакра дыҟоуп. Ахыԥхьакрахь иҟаз актәи акласс аҵара иазыхынҳәуеит абҵара 18 азы ҳәа лҳәеит Кациаԥҳа.