АҞӘА, абҵара 18 – Sputnik. Аҟәатәи ашколқәа рҿы иазыԥхьагәаҭоуп ахәыҷқәа хәыԥхала реиқәыршәара ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит аҟәатәи ашкол №6 адиректор Лолита Кациаԥҳа аилацәажәара алкаақәа дрыхцәажәо.
"Асҭамыр Нугзар-иԥа иҳәеит Аҟәа ахада Беслан Фиодр-иԥа Ешба ари азҵаара аӡбра инапы шалеикыз. Ари аҵарашықәс анҵәамҭазы уи аус еилыргахоит ҳәа ишақәгәыӷуа. Ҳаамҭа иақәшәо ачысҟаҵарҭақәа змоу ашколқәа ахәыԥха аздырхиалоит иара ашкол аҵаҩцәа рзы адагьы ааигәа-сигәа иҟоу ашколқәа рызгьы. Ари ажәабжь агәахәара ҳнаҭеит", - лҳәеит лара.
Аиҳабыратә классқәа рҵаҩцәа шамахамзар ашкол ахь ирфаша наргом. Убри азы ашкол аҿы абуфеҭ аҟазаара хымԥадатәиуп ҳәа лҳәоит ашкол №6 адиректор.
Лолита Кациаԥҳа аҳәара ҟалҵеит рышкол аҿы абуфеҭ аадыртырц. Лара лажәақәа рыла ашкол аадыртызар, 1963 шықәса раахыс аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥырымгацт.
"Ауадақәа ажәхьеит, абуфеҭ ахьыҟазгьы убас. Ҳамчқәа рыла адашьма ықәҳарҭәеит, аха ақалақь ахадара рыцхыраара ҳҭахуп ҳазлагаз аиҭашьақәыргылара ахыркәшарази ахәыҷқәа рыкырҿаҵара аиҿкаарази", - ҳәа лҳәеит лара.
Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Ашәба ашколқәа реиҳабацәа ирзеиҭеиҳәеит ашықәс нҵәаанӡа ашколқәа рыҟны имҩаԥырго, изыхьӡо аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ртәы.
"Аҵара аусхк аинвестициатә программа иаҵанакуам. Ҳамчқәа азҳархароуп", - ҳәа лҳәеит Кациаԥҳа.