Аԥсны

Ахада изеиҭарҳәеит Допуқыҭ ацҳа аиҭашьақәыргыларазы шаҟа ахарџь аҭаххо

Гәылрыԥшь араион Допуқыҭ нанҳәа 15-16 рзтәи аӡхыҵраан ацҳа ықәнаӡәӡәеит, амҩаду хада иацәхыкхеит ақыҭақәа хәба.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 18 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ишьақәыргылоу ахарџьнҵала Допуқыҭ ацҳа аиҭашьақәыргыларазы хә-миллион мааҭ артәоит, иҳәеит Гәылрыԥшь араион ахада Аслан Бараҭелиа Атәыла ахада Аслан Бжьаниа иԥылараан.
Аслан Бжьаниа агәаҭаратә ныҟәара мҩаԥигоит Гәылрыԥшь араион аҿы.
Ахада раԥхьаӡа даҭааит 20 метра иҟоу Допуқыҭ ацҳа.
Гәылрыԥшь араион ақыҭақәа хәба ҭахкааны иаанхеит амшцәгьа ашьҭахь
Гәылрыԥшь араион Допуқыҭ нанҳәа 15-16 рзтәи аӡхыҵраан ацҳа ықәнаӡәӡәеит, амҩаду хада иацәхыкхеит 1500-ҩык ахьеиланхо ақыҭақәа хәба.
Аслан Бараҭелиа иажәақәа рыла, аҭыԥантәи анхаҩы ицхыраарала аамҭалатәи ацҳа амашьынақәа ықәсуа иҟаҵоуп.