Аԥсны

Ақыҭанхамҩа аминистрра 2021 шықәсазы ацитрусқәа рекспорт зеиԥшрахо азыԥхьагәанаҭоит

2020 шықәсазы Аԥснынтә Урыстәылаҟа ииаган 68 000 тонна амандарина. Ари аҵыхәтәантәи ажәашықәса рыҩнуҵҟа ирекордтәын.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 18 – Sputnik. 2021 шықәсазы иазыԥхьагәаҭоуп 27 000 тонна амандарина Аԥснынтәи аиагара ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа.
"Сынтәа аҽаҩра акыр еиҵоуп ҵыԥх аасҭа. Ауаа аҽаҩра еигәырӷьоит, аха аҭагалара ашьҭахь амандарин шьапқәа анапы рыдкылатәуп. Аҵла ааԥсоит, азхьаԥшра аҭахуп", - иҳәеит иара.
Аԥсны
Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ацитрусқәа рекспорт мызкала ҩ-нызқь тонна иацлеит
Џьопуа иажәақәа рыла урыстәылатәи аџьармыкьаҿы аԥсуа цитрусқәа рыхьчара уадаҩуп, избанзар ирацәаҩуп аалыҵ ирҭиуа Аԥснытәуп ҳәа иӡырызго. Уи зыдҳәалоу аԥсуа мандаринақәа екологиала еиҳа ицқьоуп, ихаауп.
Аминистрра аусураҿы аԥыжәара аманы иҟоуп ацитрусқәа Аԥсны аусеиҭарыдуылара, избанзар 20-25 000 тонна амандарина ахархәара амоукәа иаанхоит.
Урыстәылатәи аҳазалхыҩцәа рдыррақәа рыла жьҭаарамза инаркны иахьанӡа аҳәаа иахыгоуп ҩ-нызқь тонна рҟынӡа амандарина.
Аԥсны
Лымкаала ихаау: Гәымсҭа ақыҭан амандарина аҟәшәара иаамҭоуп