АҞӘА, абҵара 18 - Sputnik. COVID-19 азы атестқәа арҭеит 647-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 119-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит.
Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит хҩык апациентцәа: 65, 70 шықәса зхыҵуаз ахацәа, иара убас 85 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыс.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 57-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 15-ҩык, ибжьаратәуп - 41-ы. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 37-ҩык, урҭ рахьтә 15-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 22-а, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 23-ҩык, урҭ рахьтә ԥшьҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы жәаҩык ачымазцәа шьҭоуп. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 82-а, 12-ҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.