Аԥсны

Гәылрыԥшьтәи араион ахада аԥхынтәи амшцәгьақәа рыхҟьаԥҟьақәа ртәы далацәажәеит

Сынтәатәи аԥхынразы аԥшатлакәи амшцәгьеи ареспублика аинфраструктуреи, абизнеси, ахатә сектори ааха рнаҭеит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 18 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Сынтәатәи аԥхынразы амшцәгьақәа ирыхҟьаны араион аҿы ахатәы ҩынқәа хԥа аӡы рыҵалеит. Аԥхасҭа миллионки 300 нызқь мааҭи артәеит, ҳәа иҳәеит араион ахада Аслан Бараҭелиа Аслан Бжьаниа иԥылараан.
Урҭ рыдагьы ааха роуит аҳабла маҷ ДСК аҿы аҩнеихагылақәа ҩба.
Аԥсны
Ахада изеиҭарҳәеит Допуқыҭ ацҳа аиҭашьақәыргыларазы шаҟа ахарџь аҭаххо
Бараҭелиа иажәақәа рыла арҭ аҩнқәа рҿы инхо амаҭәахәқәа рыҭан рхала ахыб аиҭашьақәыргыларазы. Уи азы ахада ирезервтә фонд аҟынтәи ирыҭан 290 000 мааҭ.
Ааха аиуит Кациқыҭтәи ашкол ахыб. Аԥхасҭа ахә шьан х-миллионки 850 нызқь мааҭ. Ахыб макьанагь ишьақәыргылам.
Кәыдрытәи аиҩхааҿы 30 рҟынӡа аҭыԥқәа ҿыбгеит. Ааха аиуит лаҭатәи арыцҳара иалаӡыз рбаҟа аҵакыра.
Бараҭелиа иҳәеит ари аҭыԥ шыдрыцқьаз иҭахаз рҭынхацәа.