Аконституциатә реформақәа рзы акомиссиа аилатәара мҩаԥысит. Уи напхгара азиуит атәыла Ахада Аслан Бжьаниа. Аилатәараҿы ицәырган Аԥсны Аконституциа ахԥатәи аԥшьбатәи ахқәа арҽеирақәа ралагаларазы аконцепциа. Уаанӡа иара атәыла ахада изынашьҭын аҭҵааразы. Иарбан еиҭакрақәоу зыӡбахә ҳәоу? Ари аконцепциа аганахьала игәаанагара зеиԥшрои атәыла ахада? Абарҭи егьырҭ азҵаарақәеи рҭак ҟаиҵоит астудиаҿы Аконституциатә реформақәа рзы акомиссиа алахәыла, азиндырҩы Гиви Габниа.
"Избан ахԥатәи аԥшьбатәи ахқәа? Ауаажәлар рҟны ирҳәоит анагӡаратә мчы алшарақәа мцхәны иамоуп , убри аҟынтә азакәанԥҵаратә мчра иаҭатәуп ҳәа. Ҳазхәыцны ауаажәлари аполитикатә мчқәеи ирҳәоз азгәаҭаны, урҭ ахқәа бжьымз рааҟара аус рыдулара ҳаҿын. Иахьа акомиссиа алахәцәа ҳаизааибаганы иҳамоуп ҳгәаанагара апроект аҳасабала", - иҳәеит Габниа.
Азиндырҩы дырзааҭгылеит Аконституциа ахқәа иаларгаларц ирҭаху аԥсахрақәа зыдҳәалоу.
Шәазыӡырҩы аудио.