Абиткоин ааԥын аахыс акырӡа ахәԥса каҳар алшоит

Абҵарамза иалагазар абиткоин 9% ацәыӡхьеит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 19 - Sputnik. Абиткоин аҵыхәтәантәи уахи-ҽни рыҩнуҵҟа 6% икаҳаит. Акриптовалиута ааԥын аахыс акырӡа ахәԥса каҳар алшоит ҳәа аҩуеит амаҵзура Прайм ахәаахәҭратә дыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

Акриптовалиутақәа рыҭирҭа биржа Binance аҿы абиткоин асааҭ 10:34 рзы 6,21% ахәԥса лаҟәит 56 000 доллар артәеит.

Абҵара 10 азы абиткоин ахәԥсатә рекорд иахысны 69 000 доллар иаԥсахеит. Уижьҭеи 18% илаҟәхьеит.
Ари амчыбжь зегьы абиткоин ахә лаҟәуан. Уажәазы ашәахьаахыс 13% илаҟәны иҟоуп. Ари лаҵарамзаахыс иреиҵоу рбагақәоуп.
Абҵарамза иалагазар абиткоин 9% ацәыӡхьеит. Убри аамҭазы жьҭаарамзаз 40% ихаланы иҟан.
Абиткоин уахыки-ҽнаки рыла ҩынтә аҭоурыхтә ҩаӡара арҿыцит
Уаанӡа Урыстәыла Абанк аиҳабы Ельвира Набиуллина аҳәамҭа ҟалҵахьан, ацифратә финанстә активқәа рырманшәалара мап шрыцәнамкуа, зыгәра умгаша операциақәак рзы рхы иадмырхәозар. Аха атәыла аҩнуҵҟа абиткоинла аԥарашәара мап ацәнакуеит.
Урыстәыла Абанк акриптовалиута атәыла аҩнуҵҟа аԥарашәараз ахархәара иадгылом. Урыстәыла азакәан азин ҟанаҵом ацифратә валиута ала атауарқәеи амаҵзурақәеи рыхә ашәара, аха убри аан ацифратә финанстә активк аҳасабала амазаара ҟалоит.