Аԥсны

Аԥсны ахада Краснодартәи атәылаҿацә агубернатор ихаҭыԥуаҩ дидикылеит

Аиԥылараҿы иалацәажәеит ареспубликеи Краснодартәи атәылаҿацәи ԥхьаҟатәи ҩ-ганктәи реизыҟазаашьа аҿиара азҵаарақәа.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 19 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Краснодартәи атәылаҿацә агубернатор ихаҭыԥуаҩ Александр Власов дидикылеит абҵара 19 азы.
Аиԥылара аартуа, атәыла ахада аделегациа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо иазгәеиҭеит, ҳтәылаз акыр шаҵанакуа агәыларатә регион аус ацура, анырра.

"Ҳара гәадурала Краснодартәи атәылаҿацә ҳазыҟоуп. Ҳаизыҟазаашьақәа аиҩызаратә ҟазшьа рымоуп. Аԥсны жәлар ирхашҭраны иҟам еиҳа иуадаҩыз аамҭақәа рзы аказақцәа иҟарҵаз алагала ду", - иҳәоит Бжьаниа.

Александр Власов Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз адкылараз ҭабуп ахиҳәааит.
"Сара раԥхьаӡа акәны арахь сааит. Избо-исаҳауа анырра ду снаҭоит. Ибзиан иаҳгәалашәоит ҟәыбантәи аказақцәа шшәывагылоз, аԥхьаҟагьы шәыцхраара ҳшазыхиоу жәдыруаз", - иҳәеит иара.
1 / 4

Аԥсны ахада Краснодартәи атәылаҿацә агубернатор ихаҭыԥуаҩ дидикылеит

2 / 4

Аԥсны ахада Краснодартәи атәылаҿацә агубернатор ихаҭыԥуаҩ дидикылеит

3 / 4

Аԥсны ахада Краснодартәи атәылаҿацә агубернатор ихаҭыԥуаҩ дидикылеит

4 / 4

Аԥсны ахада Краснодартәи атәылаҿацә агубернатор ихаҭыԥуаҩ дидикылеит

Власов иазгәеиҭеит Аԥсны аҵакыраҿы ишыҟоу аказақтә ҟәша, иҳәеит уи аҽарҭбаалар шакәу, иаҭахны ианыҟалагьы Аԥсны амчрақәа ирыцхраалар шакәу.
Аслан Бжьаниа иҳәеит дшазыхиоу Краснодартәи атәылаҿацә аказақцәа аԥхьаҟагьы адгылара рыҭара.
Александр Анқәаб Краснодартәи атәылаҿацә агубернатор ихаҭыԥуаҩ дидикылеит