Аԥсны

Авольтҳаракы "Баӷмаран" аиҭашьақәыргыларазы аусурақәа ирыцҵахоит уаҵәы ашьыжь

Гәдоуҭа араион ахәҭак лашарада иаанхеит авольтҳаракы "Баӷмаран" иҟалаз аԥхасҭа иахҟьаны.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 19 - Sputnik. Уахатәиала авольтҳаракы "Баӷмаран" аиҭашьақәыргыларазы алшара ыҟам, аусурақәа аанкылахеит уаҵәы ашьыжьынӡа, ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.
Аенергетикцәа ирымҳәеит аусурақәа ашьыжьынӡа изаанкылахаз амзызқәа.

Убри аан иазгәаҭоуп, лашарада иаанхаз аамҭеихшарала афымца шроуа.

Афымцалашарада иаанхеит астанциа маҷқәа "Гәдоуҭа-110", "Гәдоуҭа-амчхара", "Мҵара", "Дәрыԥшь", "Афон ҿыц".