Арадио

Чачхалиа еиҭеиҳәеит ача ахә шаҟа мааҭ рҟынӡа иацҵатәу аӡра рзыфеидахарц азы

Иахьазы ачаӡырҭақәа рхарџьи рхашәалеи еиҿырԥшны ача аӡра феида амам иҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны Гәылрыԥшь араион Дранда аҳабла иҟоу ачаӡырҭа "Ачабаба" аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Кьасоу Чачхалиа.
Sputnik
Аԥснытәи анаплакыҩцәа аиҳабыра рахь аҳәара ҟарҵеит, ача амарҭхәқәа рыхәԥсеи, амҩангара ахәԥсеи реизҳара инарыдҳәаланы ахә иацырҵарц.
"Ача злаҳӡо амарҭхәқәа Урыстәыла иааҳхәоит. Зегьы рыхә иацлеит. Еиҳаракгьы ҳа ҳзы ицәгьахаз абылтәы ахә ашьҭыҵра ауп. Даара иаҳцәыуадаҩхеит ачаӡра. Насгьы алашара андырцәо адизель аҿаҳкоит, уи аума аблоит абылтәы. Ача ахә иацҵатәуп, избанзар ас ишцо ҳцалар, аусура иаԥсахом", - иҳәеит Чачхалиа.
Иара иазгәеиҭеит ачаӡырҭа аусзуҩцәа рџьабаа ахарџь мацара акәымкәа хашәалакгьы ацзарц азы, ача ахә ԥшь мааҭк рҟынӡа иацҵатәуп ҳәа.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳарц шәылшоит аудио шәазыӡырҩыр.