Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Воуԥҳа Аҟәа аҿкчымазара аҟынтәи алаҵаҟаҵара иазкны

Аҟәа ақалақь ахадара агәабзиарахьчара аусбарҭа аиҳабы Ирма Воуԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит аҳҭнықалақь аҟны алаҵаҟаҵара шымҩаԥысуа атәы.
Sputnik
Аҟәа ақалақь ахадара агәабзиарахьчара аусбарҭа аиҳабы еиҭалҳәеит иахьазы шаҟаҩы алаҵақәа "Спутник V", "Спутник Лайт" ҟарҵахьоу, ҿыц иаагоу алаҵазы Аҟәа иахьазы аҭагылазаашьа зеиԥшроу, амедицина аусзуҩцәа, арҵаҩцәа, ачынуаа рыбжьара алаҵаҟаҵара шԥамҩаԥысуа. Ирма Воуԥҳа убасгьы лгәаанагара лҳәеит аԥхьаҟа алаҵаҟаҵара ада ԥсыхәа ҟало иҟамло атәы. Еиҭалҳәеит алаҵа ахьыҟарҵо аҭыԥқәа ртәы, лхаҭа алаҵа шылхылгаз, аҿкчымазара здырбалаз хылаԥшрас ирымоу, алаҵа ҟазҵаз анаҩс даҽаӡәы акоронавирус ирхьыр алшома, знык алаҵа ҟазҵахьоу ҩаԥхьа аҟаҵара анихәҭоу, уҳәа егьырҭ азҵаарақәа рҭакқәа ҟалҵеит.