Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Шамба Абӷархықә ӡыла иахьынӡеиқәыршәахо атәы

Гәдоуҭа араион Абӷархықә ақыҭа ахада Роник Шамба арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭеиҳәеит ақыҭаҟны аӡымҩангагақәа рышьҭаҵара шымҩаԥысуа.
Sputnik
2021 шықәса нҵәаанӡа 17 километра аӡымҩанагақәа шьҭарҵараны иҟоуп Абӷархықә, урҭ аӡымҩангагақәа ақыҭа аҳаблақәа зегьы аҵанакуама, шаҟа ҭӡы рҟынӡа бжьахо, урҭ иааиуа ашықәс азы ӡыла реиқәыршәара аус зыӡбахома, уҳәа азҵаарақәа жәпакы ртәы дазааҭгылеит ақыҭа ахада.