Арадио

Қәҭелиа еиҭеиҳәеит ашколқәа рахь инашьҭу арҵагатә шәҟәқәа ртәы

Иаԥсыуам ашколқәа рзы аԥсуа бызшәа аҵараҿы ицхыраагӡахо ашәҟәқәа еиҭаҭыжьуп. Урҭ аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра ашколқәа ирзынанашьҭит. Абри атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аҵара аминистрра ауаажәларратә еимадара аҟәша аиҳабы Аслан Қәҭелиа.
Sputnik
"Аметодика ҿыц ала еиқәыршәоу ашәҟәы Ада Кәарҷалиаԥҳа авторс дамоуп "Еицаҳҵап аԥсуа бызшәа" иаԥсыуам ашколқәа аҩбатәи акласс аҵаҩцәа рзы. Уи иахьатәи аамҭа иақәшәо сахьала иҩычоуп, ахәмаррақәа рыла еиҿартәоуп ахәыҷы аинтерес имазарц, абызшәа аҵара иацхраауа иҟоуп. Ашәҟәы иацуп ацхыраагӡатә тетрадқәа ҩба, 600 цыра аԥхьазы иҭыжьуп, иахьазы араионқәа рахь иаҳшеит. Убасгьы иаҳшеит "Анбан" азы ацхыраагӡа, аусутә тетрадқәа ԥшьба, урҭ х-нызқь цыра ыҟоуп, еиҭаҭыжьуп. "Ҳазну адунеи" ахԥатәи акласс аусуратә тетрад х-нызқь цыра еиҭаҭыжьны араионқәа рахь инашьҭуп", - иҳәеит Қәҭелиа.
Иаҳа инарҭбааны аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.