Арадио

Ҭодуа иқәыргылахо "Апринц хәыҷ" азы: ахәаԥшцәа рхазы иҿыцу ак аадыртып ҳәа сгәыӷуеит

Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр актиор, арежиссиор, ахәыҷтәы атеатралтә студиа "Нарҭ" анапхгаҩы Гәдиса Ҭодуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит "Апринц хәыҷ" ақәыргыламҭа аус шадыруло атәы.
Sputnik
"Аиашазы исыздыруамызт еицырдыруа афранцыз Антуан де Сент-Екзиупери иҩымҭа аԥсышәала ишеиҭагаз. Уи ашәҟәы аԥхын исыдылгалеит Гәында Сақаниаԥҳа. Иара аҩымҭа "Апринц хәыҷ" аԥсшәахь еиҭалгахьан Нелли Ҭарԥҳа. Аԥсшәахь еиҭагоу ари ашәҟәы аекземплиарқәа даара имаҷуп. Ари аҩымҭа ҷыдала сазыҟоуп, избанзар схәыҷраан сҭаацәа сзаԥхьон ари аповест-алакә, сандуха схаҭагьы сеиҭаԥхьалон, аинтерес зҵоу ҩымҭоуп. Сара агәазыҳәара ду сыман уи ақәыргылара, иара Аԥсуа сценаҟны аԥсышәала ахаан иқәдмыргылаӡацт. Ишьҭнахуа атемақәа акрызҵазкуа роуп, урҭ рыла ахәыҷқәа ирылааӡалатәуп абзиабара, аиҩызара, аҭаацәа пату рықәҵара. Абри исахьаркны асцена абызшәала ргәаҟынӡа иназгар сҭахуп аҩымҭаҟны иаарԥшу афилософиа", - иҳәеит Ҭодуа.
Иара убасгьы еиҭеиҳәеит ақәыргыламҭаҟны ароль хада назыгӡо, иалахәу актиорцәа ртәы, аҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥысуа.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.